Backspace Caps Lock New line Shift Shift Switch between Abkhazian and Russian keyboard Space Quote
Apsni.com

This guestbook is in Abkhazian language. If necessary, you can download the fonts here.

Ишәыхьӡу:
Шәахьииз аҭыҧ:
Email адрес:
Аҩныҟатәи адаҟьа:
  1 + 1 =
Адыраҭра:
keyboard
River Gumsta
Google Earth View in Google Earth

Иарабырг   Thelatest   Аҧсатәыла   ашәахь 5 лаҵара 2003 12:08
Даҽак сҳәар сҭахуп- Аҧсҳара ҽеи ашьақәргылара зыҟалом аҩныҵҟатәи аимакда... Аиҳабыра ируа зегь бзиоп ҳҳәауа ҳдәықәлар иҳақәҕьцәауа иалагашт.
Мшәымыжда   уарча   ахаш 30 мшаҧы 2003 19:58
Аҵыхәтәаны исҳәоит- Аҧсны арӡынаа ирытәӡам.
Мшәымыжда   уарча   ахаш 30 мшаҧы 2003 19:55
Аҧсуа рыхҵәаразы ажәақәак. Усҟан иҳахьыз ибасҳәап Фатма бхаҵкы. Аҧсны зҭацәха убриоуп- Чачааи ҳаамысҭцәеи рхымацара иашьҭан азы апхьатәиқәа урыстәыла рҽамҵарыжьт аҩбатәиқәа тырқәтәыла ицеит рынхацәа рыма. Ажәлар рҧеиҧш агәхьаа зкуадаз. Уажәы иаркны аҧсныжәлар рлахьынҵа аҧсныжәлар рнапаҿы иҟалароуп.
Мшәымыжда   уарча   ахаш 30 мшаҧы 2003 19:45
Ажәлар рҿагылара, рҿаҧхьа аҽырххара ҽеи ҟанаҵарым. Ажәлар рус ҳаналацәажәауа ажәлар зегь раҧхьа игылазароуп аӡәызаҵәык иакуӡам. Насгьы исзеилкааӡом Аџьергьениа изииуз, агьырҭ ирылымшаз иҟаиҵеит азоумашь дызалих. Ҳаи ашьыцамыжда рацәа ҳақәнахит.
Мшәымыжда   уарча   ахаш 30 мшаҧы 2003 19:35
Фатма бхаҵкы ибҳәаз ахәҭак иашоуп аха иҟаҵәҟьоу бзымдырӡозаап ма ҽырдагәа-бларлашә ҟабҵауеит. Ҳаҧсҳа ишахәҭоу зегьы ҟаиҵот, игәы ишиҵанаҳәо еиҧш дныҟәоит ҳәа аҳәара мариоуп. Аха Аҧсны аҭагылазаашьа цқьа ҳахәаҧшыр иҳамбар залшом аҧсуажәлар ишаҳҭахыз зегьы шыҟамлаз аха уи алацәажәара иаамҭаӡым макьана. Исҳәарц исҭахыу Ҳаҧсҳа дычмазаҩуп. Убри ззымдырӡо дарбан. Ауаа рахь дызцәырҵӡом, ҳтәыла изныҟәгом. Уажәтәи иҳәамҭақәа злаҟоу ала акоуп хьаас имоу- имчра аиқәрхара, итәарҭа ақәымҵра уаҳа акагьы. Изакузаалакь аҧсахра иҭахӡым. абарҭқәа загьы лабҿаба иаабартә иҟоуп. Ихьыӡҵәҟьа цәгьа илаҟәуеит ажәлар рҿы. Иқәҵра аамҭа шааиз иаргьы аҧсныуаагьы еицеилыркаауеит изыгәаҕьуам акумзар.
Фатима   Fatima   Аҟәа   kucba@doruk.net.tr   амҽыш 27 мшаҧы 2003 10:52
Ақәҵра мариоуп. Аха имaриам аилкаара ауп. Иахьатәи аҭагылазаашьа - ҳаҧсҳа игәрамгара - зызҳәоу ҧыҭҩык аҧсыцәгьақәеи аҧсҳа иҟәардә иашьҭоу алывасцәеи рыбжьара ицәырҵыз аконфликт ауп. Иахьа ужәаанӡа иҟәардә зханимыжьыз дахьаҿыҧсаауа азакәӡам - иара дызлагаз аус иуаажәлар изларзеиҕьу ала инаигӡарц азы ауп.
P.S. 140 шықәса раҧхьа Аҧсны ҭазырцәыз ахҵәара зызҳәазгьы абри акун - саамсҭоуп зҳәоз зегьы ,рыжәларгьы рахгьы ирзымӡырҩыкәа, аиҳабыра еимакны досу рхатәгәаҧхарыла, рхаҧызарыла иҟарҵаз агхақәа аҧсуа жәлар еиҩнашан, иҧсаҟьаны адунеи иаланаҧсеит.
Иахьагьы уи ҳмыхьааит.
Мшәымыжда   Unknown   уарча   аҧшьаш 17 мшаҧы 2003 17:25
Аҧсны иҟоу аилаҩеиласра иахҟьаны ҳаҧсҳа игәра рымгаӡо иалагеит ауаажәлара.
Дықәмҵыр ада уаҳа ҧсыхәа иҟамзаап.
Мышә   Mikhael   Аҧсны   аҩаш 1 мшаҧы 2003 19:20
Ҳалфавит рыҧсахижьҭеи кырҵуеит. Иҟарҵа абриауп -анбан у ахькьаҿу амыцхәра ә ҩтәуп. Аҿырҧштәы - агуар ацынхәра - агәар, аха аус зуеит. Ә ацыбжьыҟақәа рышьҭахь мацара иуҩыр ҟалоит. Убри ада уаҳа акагьы ирымҧсахт.
Инга   Inga   Москва 7 лет   аҧшьаш 27 хәажәкыр 2003 10:42
Ааҧын.
Си-ҵааи зегь ӡыҭит,
Абҕьы пытын, зегь шәҭит.
Ахьҭа абаҟоу , амра ҧхеит,
Аҵа иагхан, амш иазҳаит.
Ажәлар хиоуп, ашәа рҳәоит,
Адгьыл рцәаҕуан, иларҵоит.
Лариса   Larisa   Лыхны   Larisa@apsni.com   apsni.com   аҧшьаш 27 хәажәкыр 2003 10:33
Ҳаҭыр зку аҩзцәа ,сара исаҳаит анбан аҿыц иҭыциҭха. Даара аҳәара иҟасцоит, аӡәыра ишәымазар насгьи аҧсышәала ашәҟуқуа исашәҳәа.
Абуква у ирҧсахма ? уи амцхурас Ә абри аума иҟарцаз .
Иашазар исашәҳәа .Абзеираз.
пнекҵц   ееу   и   ахаш 26 хәажәкыр 2003 10:51
е
Мышә   misha   Гулрыҧшь   аҩаш 25 хәажәкыр 2003 11:57
Абаҳча гылоуп еижәхашьшьыла
Ал, ахәырма нас амжәа
Арацәаххыреиҧш еиҟәыншәыла
Уаҟа ирықәып ажьымжәа
Ааа
Ашәырҵлақәа рыбҕьы неиуеит
Хахьтә ихиаало ҵаҟа итәоит
Аҵар бжьыла еибадыруеит
Заа аҧхарахь еибагоит
Баграт Шьынқәба иажәеинрала ацыҧҵәаха.
МАРҬА   Marta   АҞӘА   kortava@nm.ru   ашәахь 24 хәажәкыр 2003 16:34
Мшыбзиа аҩызцәа! Даара сгә иахуеит ари асаит ҿыц ахьыҟалаз. Амала, ара агхақәа рацәаны ишәымоуп.
Абзиара шәақәшәалааит!
КАМА,ЕЛАНА     аҩаш 18 хәажәкыр 2003 13:15
ҳАРА АҨНЫҞА ИАҲҬАХӘП,,,,,,,,
а     аҧшьаш 13 хәажәкыр 2003 16:56

Фатима Харзалиа-Кәџба   FATIMA   Аҟуа   kucba@doruk.net.tr   аҩаш 4 хәажәкыр 2003 14:28
Ҽаанбзиала,аҩызцәа.Зегьы ишәзеиҕьасшьоит аҭынчреи агуабзиареи алахьынҵа ҧшӡеи.
ЛАРИСА     аҩаш 4 хәажәкыр 2003 07:49
АҦСНЫ ҲАРА ҲПҦСАДГЬЫЛ АНЫҲӘ ДУ
ИШӘЫДЫСНЫҲӘЛОИТ ЗЕГЬ
АҬЫНЧРА, АҬЫНЧРА'
АҬЫНЧРАЗ ҲШӘАҲӘОИТ'
АҬЫНЧРА АНЫҞАЛА' ЗЕГЬ ҲГУАХУТӘЫ ҲАХЬӠОИТ,
Ламара   Lamara   Лыхны   LamaraGegenava@hotmail.com   асабш 1 хәажәкыр 2003 17:40
Хлубзеқуа аҩзцә а.
Фатима Харзалиа-Кәџба   Fatima   Аҟуа   kucba@doruk.net.tr   аҧшьаш 27 жәабран 2003 14:50
Мшыбзиақәа.
Уажәааигуа 82 шықәса зхыҵуа санхәа лҟынтә исҵаз акы шәыдызгалоит.Уи лара даныхәҷыз
ахәмарраҿы иныҟәаргоз аҧхьаӡара-''считалка''-ауп.
''Ҳои-ҳои лапула,
Пула-ҷыркәа ҳапихәа,
Мырзеи Ҷаҷеи шьоупаҟьа,
Шәыуа дарбаныу еицаҟьа.''
Нил   Neil     Neil@apsni.com   аҩаш 25 жәабран 2003 19:43
I have changed the font that is used on this site. Now you can write in the guestbook in Abkhazian, English or Russian.
Я менял шрифт в этом сайт. Теперь можно писать на абхазском, на англисском или на русском.
Адаҟьа: << 1 2 3 4 5 6 7 8 9 10 11  12  13 >>

Valid XHTML 1.0!